Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба: Аииа-абаииа амш азы акәтаӷь аҩнаргәы иакәдыршон, рыԥсҭазаара ҭәны иҟаларц

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашуба
Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, аетнолог, афольклорист Арда Ашәба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Мшаԥныҳәа мчыбжьык шагу аԥсуаа жәытә аахыс иазгәарҭо аныҳәа атәы. Ақьырсиан иашахаҵараҟны ари амш Иаса Қьырса Иерусалим иалалара ҳәа иазгәарҭоит.
Ашәба: Аииа-абаииа амш азы акәтаӷь аҩнаргәы иакәдыршон, рыԥсҭазаара ҭәны иҟаларц

"Ҩбаны ахьӡ рҳәоит "Аииа-абаииа ааит" ҳәа. Уи иацу аҵасқәа, ақьабзқәа ыҟоуп. Ақьырсианра ныҟәызго ажәлар дара рхатә милаҭтә ҷыдарақәа, знеишьақәак, ԥҟарақәак азгәарҭоит. Иарбан динзаалак ахатә ԥҟарақәа амоуп, убри аан уи ахьҿио, ажәлар ирнаалаша аҷыдарақәагьы алагалахоит, аԥсуаа ҳҟынгьы ус иҟалеит. Иара ахьӡ ахаҭа Иаса Қьырса Иерусалим иалалара амш иадҳәалоуп. Усҟан ажәлар аҳ иеиԥш иԥылон, "осанна" (ҳаиқәырха ҳәа аанагоит - аред.) ҳәа еиқәҿыҭуа ҳаҭырла иԥылон, дахьиасуаз рымаҭәа ршәыхны икадыршәуан, апальма махәқәа шьҭарԥсон. Уи аԥхьа иара иԥсны ишьҭаз, адамра иҭаз Лазар иԥсы ҭеиҵеит. "Аԥсра иаиааиз аҳ, Анцәа иԥа" ҳәа абас иԥылон. Аурысцәа рҿы "Вербное воскресенье" ҳәа иашьҭоуп. Ари амш аԥшьбатәи ашәышықәсазы ныҳәаны ишьақәдыргылеит. Ашәҭқәа рыхьӡ аҟынтәи иаауеит аииа-абаииа ҳәа аныҳәа ахьӡ, Аԥсны адгьыл аҟны ишәҭуа ааԥын шәҭқәа. Абырзенцәагьы ирымоуп "ваии" (апальма амахәқәа –аред.) ҳәа, уаантәи иааганы иашьашәалоу ҳа ҳҟны ус ицазар алшоит.

Ашәҭқәа ҟәшәаны аҩны иҩнарԥсон, анаҩс акәтаӷь ыркәымпылуа, аҩнаргәы хынтә иакәдаршон, иҷышәшәны аџьар сахьа аҭаны ирҵәахуан. Уи ӷәӷәахоит ҳәа ирԥхьаӡон, убасгьы акәтаӷь шҭәу еиԥш аԥсҭазаарагьы ҭәхааит ҳәа. Анаҩс Амшаԥазы акәҭагьқәа аныршәоз иацыршәуан",  - еиҭеиҳәоит Ашәба.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳәар шылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0