Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Голанӡиа: арра иаҳгаша аҷкәынцәа есымшагьы иҟан, иҟоуп уажәгьы

© Foto / предоставлено Ахрой Голандзия Ахра Голанӡиа
Ахра Голанӡиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәеи Аҟәа араиони еицҵоу арратә комиссариат акомиссар Ахра Голанӡиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ааԥынтәи ааԥхьара шымҩаԥысуа атәы.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Голанӡиа ааԥынтәи ааԥхьаразы

"Ааԥынтәи ааԥхьаратә компаниа хацыркын мшаԥы 23 рзы. Хәба-фба шықәса инеиԥынкыланы иҟаҳҵо азгәаҭарақәа рыла иубар улшоит агәабзиара змоу аҿар иаҳа ирацәахо ишалагаз. Ирацәаҩны аспортсменцәа ҳазнеиуа иалагеит. Арра иаҳгаша аҷкәынцәа есымшагьы иҟан, иҟоуп уажәгьы. Аҵара иҭало ракәзар, абакалавриат ишаалгалак, аррахь иаҳгоит, нас арратә маҵзура анхиркәшалак, иҵара иациҵоит. Жәаа шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа ракәзар, зныктәи аамҭазы ҳаизыԥшуеит, иара имоуп аамҭа иаԥхьаҟа аҵара иациҵар иҭаху иҭахыму аилкаара. Аха убри аан иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы латәарадатәи аҟәшаҿы аҵара зҵо ракәзар, ҳарзыԥшӡом, урҭ иаразнак аррахь ааԥхьара раҳҭоит. Урыстәыла аҵара зҵо ҳаҷкәынцәа аӡынтәии ааԥынтәии ааԥхьара анҳамоу, аҵара шырҵо ала ашәҟәқәа ааргоит, иҟоуп зҵара ааныжьны адырра ҳазымҭо. Ачымазара змоу ахәыҷқәа, аха убри аан аррахь ааԥхьара змоу рҽархәышәтәаанӡа ҳарзыԥшуеит", - азгәеиҭоит Голанӡиа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0