Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аиба: ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат аҳәынҭқарратә бызшәазы аԥышәара аиҭозароуп

© Sputnik Баҭал Аиба
Баҭал Аиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидатцәа рзы аҳәынҭқарратә бызшәа адырразы аԥышәара шԥамҩаԥысуеи, Апарламент уи азы азакәан алагала ҟанамҵазар? Избан ари хырҩа зазуу? Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, Жәлар реизара адепутат, Аҵареи, аҭҵаарадырреи, абызшәатә политикеи, адинхаҵареи рзы Апарламент акомитет ахада Баҭал Аиба.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Аиба атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ изы аԥышәара иазкны

"Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ атәыла ахада даныҟамла аамҭазы иус наигӡар ауп. Аҳәынҭқарратә бызшәа изымдыруазар, уи злаилиршои? Алхратә кампаниа аамҭазы акандидатцәа ауаа ирыҿцәажәоит, уи аан еилукаар улшоит абызшәа ахьынӡаидыруа атәыла ахада ихаҭыԥуаҩрахь ицо акандидатгьы. Ацентртә алхратә комиссиаҿы имҩаԥысуа абызшәа адырразы атәыла ахадарахьы акандидат аԥышәара аниҭиуа аамҭазы атәыла ахада ихаҭыԥуаҩыс иҟоу акандидатгьы иаиҭар алшоит. Ҳара ҳзы ихадоу - илшома ацәажәара, арзаҳал иоуз иаҳәо ахьынӡеиликаауа, аҭак аҟаҵашьа ахьынӡаилшо. Абас еиԥш изыҟаҵозар, сара сзы аԥсшәа идыруеит ҳәа аангоит", - азгәеиҭоит Аиба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0