Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәымба Мирод Габниа изкны: ансамбль аҟны хәыҷгьы дугьы бзиа дырбон

© Foto / из личного архива Радиона ГумбаРадион Гумба
Радион Гумба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәаҳәареи акәашареи зҽаԥсазтәыз аҳәынҭқарратә ансамбль аҟны ахкы назыгӡоз, Аԥсны заҽаԥсазтәыз артист Родион Гәымба арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит иҩыза, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Мирод Габниа.
Гәымба Мирод Габниа изкны: ансамбль аҟны хәыҷгьы дугьы бзиа дырбон

Ашәаҳәаҩ, ашәҟәыҩҩ-апублицист, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Аԥсны ажурналистцәа реидгыла алахәыла Мирод Еснаҭ-иԥа Габниа диижьҭеи иахьа 80 шықәса ҵит. 40 шықәса инарзынаԥшуа иара аус иуан ашәаҳәареи акәашареи зҽаԥсазтәыз Аԥсны аҳәынҭқарратә ансамбль аҟны, инаигӡон еиуеиԥшым аԥсуа жәлар рашәақәа. Еицырдыруа аколлектив дацны Берлин, Бонн, Леипциг, Варшава, Париж, Дамаск, Буенос-Аирес, Мехико уҳәа ақалақьқәа жәпакы дырҭаахьан. Мирод Габниа инапы иҵыҵхьан аинтерес змаз анҵамҭақәа, ашәҟәқәа аԥсуа культуреи аспорти ирзааԥсоз ауаа ирызкны.

"Ԥсаҭа шкәакәа Мирод Габниа иусура ззымдыруа уаҩ дыҟам ансамбль аҟны аус зуаз. Ауаҩ тата, даара ауаа дырзааигәан, иусура, ижәлар бзиа ибон. Убасгьы корреспондентс "Аԥсны Ҟаԥшь" аҟынтәи аус иуан. Ансамбль џьара мҩак иқәлозма, ақәгыларақәа мҩаԥнагозма, ашәаҳәаҩцәеи акәашацәеи ирызкны астатиақәа иҩуан. Сара иахьынӡаздыруа акыр аматериал еизганы иман, аха аибашьра аԥырхага ду ҟанаҵеит. Аҳәаанырцәтәи ҳныҟәарақәа раан еснагь дашьҭан Аԥсны иалҵыз рҭоурых атәы зҳәоз. Мирод ибжьы хаан, ансамбль аҟны хәыҷгьы дугьы бзиа дырбон", - ҳәа азгәеиҭеит Гәымба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0