Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аветеран Шьониа: Аԥсны жәлар рхы-рыԥсы иамеигӡакәа аџьабаа рбеит аибашьра Ду аҟны

© Sputnik / Константин Грецов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветернацәа рреспубликатә хеилак ахантәаҩы Алықьса Шьониа
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветернацәа рреспубликатә хеилак ахантәаҩы Алықьса Шьониа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветернацәа рреспубликатә хеилак ахантәаҩы Алықьса Шьониа Аиааира амш 74 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит Аԥсны жәлар.
Аветеран Шьониа: Аԥсны жәлар рхы-рыԥсы иамеигӡакәа аџьабаа рбеит аибашьра Ду аҟны

"Ҳгәы ҳҽанӡамкәа анемец данҳақәла, Аԥсны жәлар рхы-рыԥсы иамеигӡакәа аџьабаа ду рбеит. 55-нызқьҩык инарыцны, иԥыруаз роума, атанк иақәтәыз роума, еибашьуаз рҟынтәи иаанхаз абзиарақәа рымазааит, зыԥсы ахҭнызҵаз аԥсадгьыл, убасгьы ихынҳәны иааз, зыԥсҭазаара иалҵхьоу рыԥсы ҭынчзааит. Аветеранцәа пату ҳақәызҵо ҳаҷкәынцәа, иахьа Аԥсынтәыла напхгара азызуа абзиара анцәа ирзыҟаиҵааит. Ҳазшаз зегьы аҭынчра, агәырӷьара, аамҭа бзиа шәиҭааит. Ҳаԥсадгьыл аҟны аҳәатәыеиқәшәара, апатуеиқәҵара рымазааит аԥсуа жәлар", - иҳәеит аветеран Шьониа.

Аҳәынҭқарра Ахада Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа дырԥылеит - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарра Ахада Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа дырԥылеит

Иахьа 74 шықәса ҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны аиааира гоижьҭеи. 55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥснынтәи еибашьуан адгьыл аҟны, ажәҩан аҿы, амшын аҟны. Урҭ рахьынтә 15 нызқьи  500-ҩык  аԥсыуаан.

17 нызқьи 430 –ҩык аибашьра адәы аҟынтәи изыхнымҳәит аҩныҟа. Аԥсны иалҵыз 22-ҩык Асовет Еидгыла афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахеит, хҩык Ахьӡ-аԥша аорден аҩаӡарақәа рыхԥагьы ранашьан.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0