Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Адлеиԥҳа: Аҟәа иблыз аҩбатәи ашкол аҿы актәи акласс ахь ахәыҷқәа рыдыркылоит

© SputnikЛюдмила Адлейба
Людмила Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илҳәеит Аҟәа иблыз аҩбатәи абжьаратә школ ашәқәа ҩаԥхьа аҵарашықәс ҿыц алагамҭаз ишаартхо атәы.
Адлеиԥҳа: Аҟәа иблыз аҩбатәи ашкол аҿы актәи акласс ахь ахәыҷқәа рыдыркылоит

"Актәи акласс адкылара, ҳәарада, иҟалоит, лаҵарамза 27-28 арзаҳалқәа рыдкылара далагоит адиректор, уажәы ахәыҷқәа аҵара ахьырҵо латарадатәи ашкол аҿы. Цәыббамза 1 азы ахәыҷқәа рышкол ашәқәа аартхоит аҵара рҵаразы. Макьана еилкаам ашкол аиҭашьақәыргылара шаҟа ақәхарџьхо, аха атәыла ахада иҟаиҵаз адҵала, ахәыҷқәа уа аҵара рҵартә еиԥш аҭагылазаашьа рзаԥҵахоит. Ажәытәтәи акорпус аҟаҵара уадаҩхоит, аха егьырахь, аклассқәа ахьыҟоу ахыб ҟаҵахоит", - ҳәа азгәалҭеит Адлеиԥҳа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0