Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Думаа амҩаҿы игылоу акәалаԥ-еиқәаҵәақәа рзы: ҳаиҳабацәа ирбазҭгьы, иҳанарыжьуамызт

© Sputnik / Томас ТхайцукАполлон Думаа
Аполлон Думаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҩатә машәырқәа рҿы иҭахо ауааԥсыра ргәаларшәара иазку акәалаԥ-еиқәаҵәақәа Аԥсны ахаҿра ишаныԥшуа азы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны игәаанагара иҳәеит Очамчыра араион абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Думаа аԥсыҭбара иадҳәалоу амҩаҿы игылоу аихатә кәалаԥ иазкны

"Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ауаҩы хәыҷык игәы иацәымӷны иҟоу аҵасқәа мҩаԥааго ҳалагеит. Ҳара иаҳҵасым, ҳаиҳабацәа иныҟәрымгоз аныҟәгара ҳалагеит. Сара уи ииашам ҳәа азысыԥхьаӡоит, иԥхашьаразар ҟалап. Ҳара ҳазхылҵыз рыԥсы ҭаны ирбазҭгьы, уи иҳанаршьомызт. Саб аибашьра ашьҭахь дыԥсит, 109 шықәса ихыҵуан. Убас аҽԥныҳәа сиҭахьан: "абарҭ ақырҭцәа рҵасқәа зааншәыжьи дара анықәышәца?" ҳәа. Есқьынагьы уи иажәақәа срызхәцуеит, ҳара иаҳтәымкәа иныҟәаҳго иахәҭам аҵасқәа ирызкны. Сара шәсазҵаауазар, зқьышықәсала акультура дуӡӡа змаз шьхагәаҩарак аҟны инхо ашәанцәа иҟарҵо зыҟаҳҵар акәузеи? Акыр улшозар иуԥхаз иҳадгәын аҟны иҟаҵа, иргыл уаҟа ибаҟа. Амҩаҿы аҟаҵара иашаӡам, уи аԥсуа культура зынӡа иазааигәаӡам", - азгәеиҭеит Думаа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа иныиҵыхц аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0