Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҟәысба амҳаџьырразы: ҳгәаҟра егьырҭ ажәларқәа анымиарцаз иҿырԥшыгазар ҳҭахуп

© Sputnik / Зафас ГамгияАтанур Акусба
Атанур Акусба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа ркультуратә хеилакқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Амҳаџьырра амш Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа ишазгәарҭо.
Аҟәысба амҳаџьырразы: ҳгәаҟра егьырҭ ажәларқәа анымиарцаз иҿырԥшыгазар ҳҭахуп

"Ҭырқәтәыла иқәынхо аԥсуаа зегьы, насгьы иҳамоу афедерациақәа, есышықәса ари амш азы аԥсуаа реиҳараҩык ӡхыҵны ианааи иахьҭахаз аҭыԥаҟны еизоит. Ҳабдуцәа, ҳабацәа, амҳаџьырра иахҟьаны иаҳцәыӡыз зегьы ҳџьабоит, иаҳгәалаҳаршәоит. Уаҳа ас ажәларқәа ацәгьара иамықәшәартә еиԥш, абри ҿырԥшыгас иҟаҵаны идҳардырырц ҳҭахуп. Хымԥада, уахь инеиуа еиҳарак аҿар роуп. Дара аҭоурых аҭҵаара ҳажәлар зықәшәаз аҭҵаара рҽазыршәоит, уи аус иаҿуп", - ҳәа азгәеиҭеит Аҟәысба.

Лаҵара 21 Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иамшуп.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0