Тамшь ақыҭа ахада: иаҳҭаху ҟарҵаанӡа амҩаду ҳангылазаауеит
"Сгәаанагара мацара акәӡам, ара Члоуаа гылоуп, Кындыӷаа, Аӡҩыбжьаа уаа шәҩык, 150-ҩык гылоуп. Акамазқәа ааганы иаха идыргылеит асааҭ 3 рзы, амҩа ҳаркырц аҳәара ҟарҵеит. Ҳара зықьҩыла ауаа ҳгылан ҳпрезидент ҳиҳәан, ааԥхьарак ҳзиуааит, ма изымнахаз (алхрақәа-аред.), изыхҟьаз ҳаиҳәааит. Гаграа уахь ицеит Бзыԥҭа амҩа ркит, ҳара арахь ҳаан амҩа ҳкит. Ачымазаҩцәа рыда аӡәгьы ҳашьҭӡом, ҳангылазаауеит, ҳара иаҳтаху, дҵаны иқәҳаргыло ҟалаанӡа, абра ҳангылазаауеит, иааины ҳаршьуазаргьы џьаргьы ҳцаӡом", - иҳәеит Занҭариа.
Аоппозициа адгылаҩцәа Бзыԥи Тамшьи амҩақәа ркит
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.