Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Мархолиаԥҳа "Илахҿыху ашьыжь" азы: ажәлар ргәабзиаразы ихацыркуп

© SputnikАсида Мархолиаԥҳа
Асида Мархолиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 25 инаркны ессабша агәыҳалалратә фонд имҩаԥнагало акциа ззырхоу, насгьы уи хықәкыс иамоу атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит агәыҳалалратә фонд "Ашана" аусзуҩ Асида Мархолиаԥҳа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Мархолиаԥҳа "Илахҿыху ашьыжь" иазкны

"Агәыҳалалратә фонд Ашана ихацнаркуеит акциа "Илахҿыху ашьыжь" ҳәа хьӡыс измоу. Иара хықәкыс иамоуп ҳажәлар ргәабзеира ацклаԥшреи абҩарҵәыра азҿлымҳареи рыларҵәара. Акциа аусура иалагоит ла амза 25 ашьыжь асааҭ жәба рзы Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху адәаҿы. Уи амҩаԥгаразы ааԥхьара лымоуп аԥышәа ду змоу Ксениа Даничева. Акциа аԥхын иалагӡаны имҩаԥыслоит, ессабша 45-45 минуҭ. Иара азҿлымҳара бзиа аиухьеит, ауаа рацәа аднаԥхьалап ҳәа агәыӷра ҳамоуп", - азгәалҭоит Мархолиаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0