Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥачлиа: ауаа аӡаҿы рхы иақәгәыӷцәоит, аха ахеиқәырхара цәгьоуп

© Foto / предоставлено Мурманом ПачулияМурман Пачулия
Мурман Пачулия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыратәи аиқәырхаҩцәа абжьаратә школ аҵаҩы Давид Гогәуа ианаршьеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра ахьӡала аҳаҭыртә бӷьыц "Аӡаҿы аиқәырхаразы". Шықәсык аԥхьа Давид деиқәирхеит Урыстәылантә Аԥсны зыԥсы зшьоз аԥҳәыс. Уи ахҭыс шыҟалаз, насгьы аӡы иацу ашәарҭара атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Очамчыра араион абылраҽацәыхьчара аҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа.
Ԥачлиа: ауаа аӡаҿы рхы иақәгәыӷцәоит, аха ахеиқәырхара цәгьоуп

"Давид Гогәуа амшын ахықәан иҽазыҟаиҵон, уи аамҭаз бжьык иаҳаит "шәсыцхрааҳәа!", иара дибеит ԥҳәыск амшын дшахәаҽуаз, иара иаразнак длыцхраарц деихеит, аӡы далеигеит Урыстәылантәи иааз аԥсшьаҩы. Лара лажәақәа рыла дшыӡысуаз иаалырҟьан лхы ҽеимкәа илбеит. Уи амаҭаз ацхыраара лмоузҭгьы аӡы дагон". -ҳәа еиҭеиҳәеит Ԥачлиа.        

Очамчыра араион абылраҽацәыхьчара аҟәша аиҳабы иҳәеит аӡы иҭало зегьы ргәырҽанызарц шаку. 

"Аӡаҿы ахымҩаԥгашьа иамоуп иара ахатә ԥҟарақәа: амшын аҭалара ҟалом ацәқәырԥақәа андуу, зынӡа ашоурацәгьа аныҟоугьы. Сыҽсырхьшәашәоит ҳәа аӡы уҭамлар еиҳа еиӷьуп. Арыжәтә џьбара ыжәны зынӡагьы амшын ааигәара умнеироуп, рацәа амшын агәы ухылар ҟалом. Ауааԥсыра ирдыруазароуп, аӡаҿы ухала ухы узеиқәырхом", - ҳәа азгәеиҭеит Ԥачлиа.  

Аиқәырхаҩ иажәақәа рыла, араион аҿы аӡы аҭалара ахьыҟамло аҭыԥ аҿы ауааԥсыра ргәызҽанызҵаша аҩырақәа ркыдҵара иаҿуп.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0