Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аблоҭиа амультфильм "Агәы хьшәашәа" азы: иаҳулакгьы ҳалгеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВиачеслав Аблоҭиа
Виачеслав Аблоҭиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартист, акиностудиа "Аԥсуафильм" аиҳабы Виачеслав Аблоҭиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит шаҟа аамҭа аҭаххаз аԥсшәахь еиҭагоу амультфильм "Агәы хьшәашәа" ахәаԥшцәа ирбарц аҟаҵаразы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аблоҭиа амультфильм "Агәыхьшәашәа" иазкны

"Аԥсуа бызшәазы аҳәынҭқарратә фонд аныҟаз аҿаҵатәы ҳауан амультфильмқәа реиҭагаразы. 2017 шықәса рзы амультфильм алҳххьан, аха афонд анаԥырх, афинансқәа ахьыҟамыз иахҟьаны иахьа уажәраанӡа ус ҳааиуан. Аспонсорцәа анаҳԥшаа, аԥҭека аиҳабы Кәартааԥҳа дҳацхрааит, Аҟәатәи ауараштә зауад, Аҟәатәи аҩқәеи аӡқәеи рзауад анапхгара ҳацхрааит, иаҳулакгьы ҳус аҵыхәанӡа инаҳагӡеит. Ҵыԥх ашықәс анынҵәоз ҳалгеит, уажәы раԥхьаӡа идҳарбоит. Аԥсшәахь еиҭагоу амультфильм "Агәы хьшәашәа" ӡыргахоит уаҵәы Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҟны. Афильм адублиаж ҟаҵан акиностудиа "Аԥсуафильм" аҟны", - иҳәеит Аблоҭиа.

Иаҳа инарҭбааны аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0