Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабыра аҟынтәи анапынҵа роуит, аԥсшәахь еиҭагоу амультфильмқәеи, еиҿкаау адырраҭарақәеи иаку реизакырҭа аԥҵаразы. Анаҩс урҭ Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аефири аинтернет ресурсқәеи рыла рышьҭразы.
"Ас еиԥш иҟоу абаза аԥҵара хықәкыс иамоу аԥсышәала абжьы зхаҵоу афильмқәа, амультфильмқәа реизакра, анаҩс ахәыҷқәа дырбара. Уажәы мызкы иалагӡаны Аԥсуа телерадиоеилахәыра ирымаз ус еиԥш анҵамҭақәа еизакны абызшәатә политиказы аилак ахь ирышьҭхьеит. Агәҭакы ыҟоуп урҭ ателеканал Абаза-ТВ ала дырбара ахәыҷқәа иаҳа ианырзыманшәалоу аамҭазы. Убасгьы агәҭакы ыҟоуп Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ацхыраарала ахәыҷтәы ансамбльқәа аԥсуа цәа зыҟәну рықәгыларақәагьы телехәаԥшрала дырбара, аинтернет хархәагақагьы рыцхыраарала", - иҳәеит Аҩӡба.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.