Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит Приморсктәи аӡырԥхақәа рҟны ауаа шрыдыркыло

© Foto / предоставлено Русланом АвидзбаПриморск ақыҭаҟны иҟоу аӡырԥхатә комплекс "Цәкәара" аиҳабы Руслан Аҩӡба
Приморск ақыҭаҟны иҟоу аӡырԥхатә комплекс Цәкәара аиҳабы Руслан Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Приморск ақыҭаҟны иҟоу аӡырԥхатә комплекс "Цәкәара" аиҳабы Руслан Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит русушьа атәы.
Аҩӡба еиҭеиҳәеит Приморсктәи аӡырԥхақәа рҟны ауаа шрыдыркыло

"Уажәы иаҳҭаауа зегьы ргәабзиара гәаҭаны аӡырԥха иҳазҭаҵаӡом. Убри аганахьала абжьгара раҳҭоит 10-минуҭк еиҳаны аӡы иҭамзарц. Аӡҭачқәа рҟны асааҭқәа кнаҳауп аамҭа дзырбо. Иааидкыланы аӡҭалара ҳара ҳҟны иахьазы 200 мааҭ иаԥсоуп - аӡәы изы. Уаҟа нас еихшоуп аинвалидцәа, ахәыҷқәа, аҭаҳмадацәа, урҭ 100 мааҭк ршәоит. Аԥсуа идгьыл аҟны иҟоу аӡы азы ҳажәлар аԥара шәымшәар ҟалом ҳәа раҳамҳәацт, ԥшӡала ишахәҭоу  ирыдыркылааит", - иҳәеит Аҩӡба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0