Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Камлиа Урыстәыла Ахада ихраҿа агаразы: ҳалҵшәақәа урыгәҭасуа иҟам

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Камлиа
Аслан Камлиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҽыбӷаҟазара афедерациа ахада Аслан Камлиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Урыстәыла Ахада ихраҿазы аицлабрақәа рҟны аԥсуа ҽыҩқәа иаадырԥшыз алҵшәақәа.

Москватәи аипподром хадаҟны ахаша, рашәара 12 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ихраҿазы ХVI аҽырыҩрақәа мҩаԥган.

Камлиа Урыстәыла ахада ихраҿа агаразы: ҳалҵшәақәа урыгәҭасуа иҟам

"Аԥснынтәи х-ҽык ҳгеит. Сынтәа Росипподром аиҳаб ҿыц дарҭеит. Иареи сареи гәҭыхала ҳаицәажәеит, ҳаилибакааит, агәахәара ааирԥшит аҽырыҩрақәа аԥсуаа ҳхы ахьрылаҳархәуа. Урыстәыла ахада ихраҿа агаразы аицлабрақәа сынтәа хынтәны ҳрылахәын. Ҵыԥхцәа актәи аҭыԥ ҳгеит, ҵыԥхгьы убас актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥқәа. Сынтәагьы х-хык аҽқәа ҳгеит. Урыстәыла ахада ихраҿазы ҩышықәса иҳарыҩуа аҽы Конрад Лорд,  Ахра Ашәба иҽы Фаст Киорл ҳәа иҟоу, иара убас Беслан Абҳазоу иҽы араб жәла. Ҳҽы Конрад Лорд шьҭа аҭаҳмадарахь ахы архоит ақәра злаҟоу ала, аха ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит. Ашәба иҽы агәамбзиара аман, алҵшәа зыҟамлеит. Араб жәла аҽқәа ахьдырыҩуаз Беслан Абҳазоу иҽы актәи аҭыԥ ааннакылеит, ахраҿа Аԥсныҟа иааҳгеит. Ҳацәгьаӡам ҳәа сгәы иаанагоит, ҳалҵшәақәа урыгәҭасуа иҟам, ҳаԥхьаҟа ҳаиӷьхап", -  иҳәеит Камлиа.

Аԥснытәи аҽыҩқәа ҩаԥхьа хьӡы ргеит>>

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0