Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиаԥҳа аспартакиада лалахәхара иазкны: ацәҟьа изныкымкәа сақәшәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукSputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа
Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаԥысуа аспартакиада аицлабрақәа руак иаҭааз Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит лхы шԥылшәаз.
Кәарцхьиаԥҳа аспартакиада лалахәхара иазкны: ацәҟьа изныкымкәа сақәшәеит

"Ахыци ахәымпали рыла ахысра даара агәаҳәара зҵоу еицлаброуп. Саргьы схы ԥысшәеит аицлабрақәа рышьҭахь, ацәҟьа изныкымкәа сақәшәеит. Ростов аҵара анысҵоз сҩызцәеи сареи аклуб ахь хысра ҳцалон, убри аҟынтә сара сзы иҿыцу спорт хкӡам. Хышықәсоуп аспартакиада иалеижьҭеи ахыци ахәымпали рыла ахысра. Араионқәа рҟны иара аҿиара амоуп ахыци ахәымпали раахәара шымариамгьы. Иахьазы аклуб "Афырхы" иалшо ала араионқәа ирыцхраауеит. Аицлабрақәа рылҵшәақәа ртәы ҳҳәозар, 107 кәатала рыла аиааира ргеит, аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Гәдоуҭа араион ахысыҩцәа, ахԥатәи –Гәылрыԥшьаа", - ҳәа адырра ҟалҵеит Кәарцхьиаԥҳа.

Адгәыр Какоба: ахыцуаҩхара зҭаху рацәаҩуп

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0