Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниа: амшынмҩала ацхыраара иаҳа лассы иҟауҵар алшоит

© Sputnik / Бадрак АвидзбаЛев Кәыҵниа
Лев Кәыҵниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу аиқәырхаратә катер раԥхьаӡа акәны Аԥсныи Урыстәылеи рымшынтә ҳәаа иахысит. Уаанӡа ус еиԥш иҟамыз алшарақәа иахьа изыбзоурахаз, уи хықәкыс иамоу атәы, насгьы уи ареис аныҟәараз ҭагылазаашьақәас иаԥҵахо атәы Sputnik арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.
Кәыҵниа: амшынмҩала ацхыраара иаҳа лассы иҟауҵар алшоит

"Урыстәылеи ҳареи иҳабжьоу аҳәаа машьынала уахысуазар, аҭагылазаашьа шыцәгьоу убоит, аҳәаа ахысразы аамҭа аҭахуп, насгьы ацҳа машәырк ахьыр ҟалоит, иаркызар ҟалоит. Амшынмҩала ацхыраара иаҳа лассы иҟауҵар алшоит, 2-3 сааҭ рыла Шәача абаӷәазаҿы унаӡар ҟалоит. Аиԥылараҿы амшынтә ҳәаа ахысразы шәҟәыла зегьы еиқәыршәаны иҟаҳҵеит, шьҭа иаҭахны иҟалозар, уадаҩрада арыцҳара иақәшәаз ауаҩы Урыстәыла ацхыраара иоуртә еиԥш алшара ыҟазаауеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.    

Ажәабжьқәа зегьы
0