Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа: араса анҭәуа аамҭазы иаҳбоит ҳџьабаа иалҵшәахаз

© Sputnik / Илона ХварцкияАбесалом Кәарҷиа
Абесалом Кәарҷиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анаплакы "Араса" аиҳабы Абесалом Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит араса ахәшәтәра шымҩаԥырго, алҵшәа зеиԥшрахо анеилыркаауа.
Кәарҷиа: араса анҭәуа аамҭазы иаҳбоит ҳџьабаа иалҵшәахаз

"Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ҳацхраауеит, аха урҭ хықәкыс ирымоу апты ашьра ауп. Ҳара ҳҟны апты мацара акәӡам, ачымазарақәа рацәаны иҟоуп, апты мацара шьны аҽаҩра узҭагалом. Убри аҟынтәи Урыстәыла ақыҭанхамҩа аҟазацәа шьҭа ҩынтә иааны иҭырҵаауеит аҭагылазаашьа, дара рзгьы араса культура ҿыцуп, уи иадҳәалоу ачымазарақәагьы. Иааны ҳаӡқәагьы ҭырҵаауеит, избанзар урҭ ирылоу еиуеиԥшым амаҭәашьарқәагьы араса иаԥырхагазар ауеит, адгьыл ҭырҵаауеит. Сара стәы сҳәозар, срасаҭрақәа хынтә исхәышәтәхьеит, еиҭах иаҭахызаргьы алшоит. Аҟазацәа ҩаԥхьа раара азгәаҭоуп ԥхынгәы анҵәамҭазы. Еиуеиԥшым ачымазара хкқәа ҭҵааны урҭ ирнаало ахәшә ҟарҵоит. Ҳгәыӷуеит алҵшәа бзиахап ҳәа, ҳџьабаа ҳԥылозар еилаҳкаауеит араса агәы анҭәлак аамҭазы", - иҳәеит Абессалом Кәарҷиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0