Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арҷелиаԥҳа илҳәеит ишалшо ацхаӡҩеи ахарҵәыӡҩеи рыла ауаҩы ишабара ахҽра

© SputnikАнжела Арчелия
Анжела Арчелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа жәытә-натә аахыс аԥхын ашоураз ианшабоз иржәуаз ацхаӡҩеи ахарҵәыӡҩеи хәарҭарас ирылоузеи, насгьы аӡба данакуа ишабара аанакылоума, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит ареспубликатә хәышәтәырҭа атерапиатә ҟәша аиҳабы Анжела Арҷелиаԥҳа.
Арҷелиаԥҳа илҳәеит иалшома ацхаӡҩеи ахарҵәыӡҩеи ала ауаҩы ишабара ахҽра

"Ацхаӡҩа, мамзаргьы ахарҵәыӡҩа ауаҩы даншабо даара ихәоит. Ацха ауаҩы иԥырхагаӡам, ииашоуп ихаауп, аха мҳаҵәк ацхаҿы ҵәыцак аӡы ҟарҵоит, убри аҟнытә уи ахаара уиҟара анырра амам. Ахарҵәыӡҩа ауаҩы ица ибзиан аус аурцаз ихәарҭоуп, уигьы ианакәзаалакгьы ауаҩы ишабара аанызкылоз ҳәа иԥхьаӡан. Ахарҵәы ауаҩы данбылуазгьы дзырхьшәашәо акәны иҟоуп, убри аҟнытә арҭ аԥсуа рыжәтәқәа хәарҭа рыланы сахәаԥшуеит", - ҳәа лҳәеит Арҷелиаԥҳа.

Аҳақьым лажәақәа рыла иага арыжәтә хкы рацәаны иҟазарагьы раԥхьа иргыланы ауаҩы даншабо аамҭазы аӡы ижәыр иаҳа еиӷьуп.

"Аӡы иаҩсуа макьана иҟам. Иара адәқәан аҿы иааухәозар, асаркьа иҭоу еиҳа аԥыжәара аҭатәуп. Иӡбанзар, апластик аншуа уи иалоу амаҭәашьарқәа аӡы иалалоит. Аҩбатәи аҭыԥаҿ ауаҩы даншабо аамҭазы ихәо ҳәа иазгәаҭан иҟоуп ачаи. Ачаи бӷьы ала иҟаҵоу, амцхә ашьақар змам, уи хәарҭоуп. Иааухәо ачаи аҿы иалоуп ашьақар рацәаны, уи зынӡаск ашабара аанакылаӡом", - ҳәа азгәалҭеит Арҷелиаԥҳа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.    

Ажәабжьқәа зегьы
0