Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба ахьаҵлақәа рчымазара иазкны: ахәшә макьана еилкаам

© Sputnik / Томас ТхайцукБадраҟ Аҩӡба
Бадраҟ Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист Бадраҟ Аҩӡба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Очамчыра араион рҭаараан азҿлымҳара зырҭаз зҵаараны ишыҟаз ахьаҵлақәа рчымазара.
Аҩӡба ахьаҵлақәа рчымазара иазкны: ахәшә макьана еилкаам

"Очамчыра ҳаҟазараан ҳаҭааит Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абнатә ԥышәаратә станциа, еиҳаракгьы ҳзызҿлымҳаз ахьаҵлақәа ракәын, урҭ рчымазара. Уи цәырҵиижьҭеи акырҵуеит. 20-30 шықәса анырхыҵуа аҵлақәа рцәа ахьеиҟәышьшьо аҭыԥқәа рҿы ичмазаҩхоит, аҵыхәтәантәи аамҭазы акыр иҿио иалагеит. Аԥышәаратә станциа аиҳабы Витали Леиба иажәақәа рыла, иахьазы иҭҵааны ирымам иарбан хәшәу ахьаҵлақәа рчымазара иахәо. Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара ацхыраарала аҭҵаарақәа цоит уажәы, ичмазаҩым аҵлақәа рцәала аиҭаҳатәқәа ҟарҵар рҭахуп. Иахьазы ачымазара злысыз аҵлақәа хҵәаны иқәыргоит егьырҭ ахьақәа рахь имыиасырц. Иахьазы Ҭырқәтәыла аԥышәарақәа мҩаԥыргоит, ачымазара здызымкыло аҵлақәа алхны еиҭарҳауеит, уи маншәалахар, Аԥсныҟагьы ииаргар ҟалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0