Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габлиа: амшыни ауаҭахи рыда аԥсшьаҩы иҵегьы акы идгалатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДмитри Габлиа
Дмитри Габлиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Габлиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Аԥсныҟа аԥсшьаҩцәа хымз ракәымкәа, ашықәс зегьы иаҭаауа аҟаҵаразы ихымԥадатәины иҟазароуп ҳәа ишиԥхьаӡо.
Габлиа: амшыни ауаҭахи рыда аԥсшьаҩы иҵегьы ак идгалатәуп

"Атуризм аганахьала иҟоу ауадаҩрақәа араионқәа зегьы еицырзеиԥшуп. Аԥхьа иргыланы Аԥсны иаҭаху ҳәа сгәы иаанаго - уи хымз ракәымкәа, ашықәс зегьы аԥсшьаҩцәа ҳадаҳкылартә аҭагылазаашьа аԥҵара ауп. Уи азы иаҭахуп агәабзиарачаԥарҭақәа, аԥсшьара мацара азхом. Гәылрыԥшь иахьазы гәабзиарачаԥарҭак ыҟаӡам. Еилкаауп, уи ахарџь рацәаны ишаҭаху. Анкьа Аҟәеи Гәылрыԥшьи зегь раасҭа иреиӷьыз ҭыԥқәан ауаҩы игәабзиара ашьақәыргыларазы, аԥышәа змаз аҳақьымцәагьы ыҟан. Агәабзиарачаԥарҭақәа ргылатәуп, амҩақәа еиҿкаатәуп, аԥсшьарҭа ҭыԥ аҟны ауаҩы игәалаҟазаара злашьҭихша иазхыцтәуп. Амшыни ауаҭахи рыда аԥсшьаҩы иҵегьы акы ибароуп, иаҳароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Габлиа.

Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0