Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиаԥҳа абираҟ амш Аҟәа ишазгәарҭаз иазкны: ҽнак иалагӡаны ҳҭоурых еилукаар улшон

© Sputnik / Томас ТхайцукСариа Кәарцхьиаԥҳа
Сариа Кәарцхьиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа Аҳәынҭқарратә бираҟ амш шазгәарҭаз, насгьы аныҳәа иалахәыз уи шрыдыркылаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аусмҩаԥгатә иалахәыз Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Кәарцхьиаԥҳа абираҟ амш Аҟәа ишазгәарҭаз иазкны: ҽнак иалагӡаны ҳҭоурых еилукаар улшон

"Аҳәынҭқарратә бираҟ амшныҳәа раԥхьаӡа акәны схы аласырхәуан, уаанӡа Урыстәыла аҵара сҵон аҟынтә сақәымшәацызт. Ауаа даара ирацәан, аԥсуаа роума, атәым ҳәынҭқарраҟынтә иааз роума, аԥсшьаҩцәагьы гәахәарыла ирыдыркылеит ари аныҳәа. Избанзар дара ирыман алшара ҽнак иалагӡаны аԥсуа ҵас, ақьабз зегьы агәаҭара, адырра. Иҟоуп раԥхьаӡа акәны аԥсуа маҭәа збазгьы, аԥсуа шәақәа заҳаз, аԥсуа бираҟқәа рҭоурых еилызкааз уи амш иалагӡаны", - азгәалҭеит Кәарцхьиаԥҳа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0