Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәԥҳа Франциа ашоура иазкны: иазыԥшын, излауаз рҽазыҟарҵеит

© Foto / Facebook/Alina AshubaАлина Ашәԥҳа
Алина Ашәԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Франциа инхо ҳџьынџьуаҩ Алина Ашәԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит уи атәылаҟны ашоурақәа шырхырго.
Ашәԥҳа Франциа ашоура иазкны: иазыԥшын, излауаз рҽазыҟарҵеит

"80-90 шықәса рҟынӡа инеихьоу изларҳәо ала, ас еиԥш ашоура рымбацызт. 2003 шықәсазы ашоура ыҟан, усҟан 35-40 градус рҟынӡа ихалеит иазыԥшӡамкәа. Уажәы адырра ыҟан, ашоура иазыԥшын аҟынтә иаҳа ԥсыхәа ахьынӡамаз рҽазыҟарҵеит. Аҩнеихагылақәа рҟны инхо Аԥсны еиԥш архьшәашәагақәа аахәаны ирзықәыргылаӡом. Насгьы иаҭахуп ҳәа ргәы иаанагомызт. Иацы Париж 42 бжаки градус ыҟан адәахьы, аҩны аҩнуҵаҟа 30 градус ҳаман.

Адәқьан дуқәа рҟны ахьшәашәара ахьыҟоу ауаа рхәыҷқәа рыманы ицоит, уаҟа аҭыԥқәа еиҿкаауп. Акинотеатрқәа рҟны, атрансорт аҟны зегьынџьара аполициа аусзуҩцәа, аҳақьымцәа ҷаԥшьоит. Арадио ала иааҟәымҵӡакәа алаҳәарақәа ҟарҵоит аӡы шыржәша, аволонтиорцәа абыргцәа аӡы рзыргоит. Убасгьы хәыда-ԥсада аӡы ршоит ауаа рацәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы, авокзалқәа рҿы", - лҳәеит Ашәԥҳа.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0