Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Делԥҳа аҵаҩцәа еицырзеиԥшу ашәҵатәы азы: ашколтә ԥсҭазаарахь иаҳа ихьанарԥшуеит

© Foto / из личного архива Нонны Делба Нонна Делба
Нонна  Делба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи актәи абжьаратә школ аиҳабы Нонна Делԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит рышкол иҭоу аҵаҩцәа рышәҵатәы аҟны аԥсахрақәа алагалахо ус иаанхо.
Делԥҳа аҵаҩцәа еицырзеиԥшу ашәҵатәы азы: ашколтә ԥсҭазаарахь иаҳа ихьанарԥшуеит

Ашкол аиҳабы лгәаанагарала  зегьы ирзеиԥшу ашәҵатәы аҵаҩцәа иаҳа еиҿнакаауеит.

"Шықәсык аԥхьа аҵара аминистр иқәҵарала Аԥсны ашколхәыҷқәа зегьы рзы ихымԥадатәины иҟалеит ашколтә шәҵатәы. Аҭаацәа агәынамӡара змаз рацәаҩын, аха ахәыҷқәа аиҳараӡаҩык ус еиԥш амаҭәа рышәҵаны иаауан. Ашколтә форма шҳамоу иаанхоит, иахьынӡаздыруа аҭаацәа уи иашьҭоуп. Хаҭала ҳара ҳашкол атәы ҳҳәозар ашәҵатәы аиаҵәа ԥшшәы змоу, аӡахышьа рхатә гәаԥхарала иалырхуеит. Акьаҿ шкәакәа, еиқәароу аҟаԥшь ԥшшәы змоу ахәыдхаҵа. Сынтәа аминистрра ахәыҷы рацәа змоу насгьы рацәак алшара змам аҭаацәарақәа рыцхраара хықәкыс иҟаҵаны ашколтә шәҵатәы  рзыршоит, ҳҵаҩцәа рҟынтәи 51-ҩык хәыда-ԥсада ироуеит. Абжеиҳараҩык уи ргахьеит, изымгац нанҳәа ҩажәа нахыс ирыҭахоит. Ас еиԥш ашәҵатәы ахәыҷқәа ирнаалоит, еиҿнакаауеит, ашколтә ԥсҭазаарахь иаҳа ихьанарԥшуеит", - лҳәеит Делԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0