Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Корсаиаԥҳа аопера "Богема" Аԥсны дырбаразы: ииашаҵәҟьаны, культуратә хҭысуп

© Sputnik / Илона ХварцкияСветлана Корсая
Светлана Корсая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟазараҭҵааҩ Светлана Корсаиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы Аурыс драматә театр асценаҿы иқәыргылахаз Пуччини иопера "Богема" ахҳәаа азыҟалҵеит.
Корсаиаԥҳа аопера "Богема" Аԥсны дырбаразы: ииашаҵәҟьаны, акультуратә хҭысуп

"Ииашаҵәҟьаны амузыка ианыҳәоуп иахьа. Ари афестиваль раԥхьатәи аиубилеи ауп. Хәышәықәса раԥхьа дара аналагоз концертк аҳасабала иалагазар, иахьа ишынеибаку аопера ықәдыргылеит адунеи зегьы аҿы еицырдыруа. Аопера ықәыргылан спектакльк аҳасабала. Ари зегь раԥхьаӡатәи хҭысуп, асовет аамҭазы "Аламыс" ҳәа иқәдыргылахьан, аха иахьа ҳара иаҳбоит ҳара ҳартистцәа, ҳҿарацәа рынагзарала аопера наӡа. Ари ахҭыс анаҩсангьы ҳара иаабоит зыҩаӡара ҳараку ашәаҳәаҩцәа. Сара сгәанала, ари зегьы ҳзы акрызҵазкуа культуратә хҭысуп", - ҳәа азгәалҭеит Корсаиаԥҳа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0