Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит ахәыҷы ашкол ахь иеизгаразы Sputnik аинфографика шеиқәиршәоз

© Sputnik / Томас ТхайцукБадраҟ Аҩӡба
Бадраҟ Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба имҩаԥигаз аҭҵаарақәа рыла, хәыҷык ашкол ахь ишьҭра, иазырхиара бжьаратәла 21 нызқь мааҭ артәоит. Ари арбага шеилкаахаз атәы иара арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа изеиҭеиҳәеит.
Аҩӡба еиҭеиҳәеит ахәыҷы ашкол ахь иеизгаразы Sputnik аинфографика шеиқәиршәоз

"Ашкол аҭалара аламҭалаз аҟәатәи аџьармыкьаҿы аус ҳуан, уи адагьы ҳҵаауан еиуеиԥшым адәқьанқәа рҿы. Ахәқәа зегьы бжьаратәла иаагеит. Ҳәарада, иҟоуп еиҵоу, иҟоуп еиҳаугьы. Ашколтә формақәа аҷкәыни аӡӷаби рзы 3500 мааҭ иаԥсоуп, акьаҿ акәзар, бжьаратәла 2000 мааҭ. Ашәырақәагьы рыхә еиуеиԥшым, иҟоуп 3000, 2000 мааҭ иаԥсоу. Уи адагьы ахәыҷқәа иаархәароуп аҩыгақәа, акарандашьқәа уҳәа аҵаразы иахәҭоу амаҭәарқәа. Уи адагьы иаахәатәуп арҵагатә шәҟәқәа, дара иҿыцзар – 600 инаркны 1000 рҟынӡа иаԥсоуп, рхы иадырхәахьазар, 450 мааҭ. Ари шәҟәык ауп, аха аҭаацәа иархәароуп 7-8 шәҟәы. Абарҭ зегьы ааилаҵаны, бжьаратәла 21 145 мааҭ алҵит", - иҳәеит Аҩӡба.      

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Аинфографика шәахәаԥшыр ауеит абра: Ашколхәыҷқәа реидкылара шаҟа ԥара агои

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0