Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷанба: аԥсуа ҟазацәа ахьыҟазаалакгьы рмилаҭ ирыцхраароуп ркультура аҭыгараҟны

© Sputnik / Томас ТхайцукНодар Чанба
Нодар Чанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр адиректор хада Нодар Ҷанба атеатр аҟны имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы иазгәеиҭеит аҟазара знапы алакәу иахьыҟазаалак рмилаҭ ирыцхраароуп ркультуа аҭыгара аус аҟны ҳәа.
Ҷанба: аԥсуа ҟазацәа ахьыҟазаалакгьы рмилаҭ ирыцхраароуп ркультура аҭыгараҟны

Шекспир иҩымҭала ақәыргыламҭа "Ромеои Џьулеттеи" Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны аԥхьарбара ҟалоит нанҳәа 21, 23 рзы.

"Апроект  даараӡа  иуадаҩуп, хымԥада. Раԥхьа иргыланы аԥсшәахь аиҭагара аҭахын Шекспир иаԥҵамҭа. Аԥсуа театр иазааԥсахьоу, изныкымкәа аиҭагақәа аус рыдызулахьаз Геннади Аламиа ҳиҳәеит. Уи машәыршақә иҟамлеит, актиорцәа ҳразҵааит, аиҭагақәа рацәаны иҟан, аха иаҳа рҿаҿы иааиуа абызшәа еилаҳкаарц, асцена абызшәа хәыҷык ихазуп. Ақәыргыламҭа аус адиулеит арежиссиор  Адгәыр Ақаҩба. Аԥсуаа ҳашмаҷугьы аҟазара знапы алакәу ҳаԥсаҟьаны адунеи ҳалоуп, акультура амаҵ азаҳуеит. Ҩынтә –хынтә даахьеит аҵыхәтәантәи аамҭазы, иара аус здиулаз аспектакль "Ҳаџьы Мураҭ" қәҿиарала иқәыргылан Аурыс театр аҟынгьы. Ас еиԥш арежиссиорцәа рацәаны иҳамаӡам, хымԥада. Аԥсуа профессионалцәа ҳахьыҟазаалакгьы есымша ҳазхыцуазароуп ҳаԥсадгьыл акультура, ҳажәлар ркультура аҭыгара. Ари ҳахьыҟазаалак азҿлымҳара аҳҭароуп, ҳмилаҭ ҳрыцхраароуп акультура аҭыгараҟны,избанзар акультура ҭаҳамгар аполитикагьы ,аекономикагьы зыҟалом", - иҳәеит Ҷанба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Абзиабара агимн: "Ромеои Џьулеттеи" Аԥсуа драматә театр аҿы иддырбоит
  • Аламиа "Ромеои Џьулиеттеи" азы: аԥсышәала ицәажәап ҳәа сгәы иаанагоит

Ажәабжьқәа зегьы
0