Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба еиҿирԥшит ҵыԥхи сынтәеи Приморсктәи аӡырԥха иаҭааз рхыԥхьаӡара

© Foto / предоставлено Русланом АвидзбаРуслан Аҩӡба
Руслан Аҩӡба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Приморск ақыҭаҟны иҟоу аӡырԥхатә комплекс "Цәкәара" аиҳабы Руслан Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аԥхын аамҭазы сынтәа ирҭааз рхыԥхьаӡара ҵыԥх иаҿырԥшны изеиԥшраз.
Аҩӡба еиҿирԥшит ҵыԥхи сынтәеи Приморсктәи аӡырԥха иаҭааз рхыԥхьаӡара

"Статистикала иугозар, ҵыԥх аасҭа сынтәа иаҳа имаҷны иаҭааит аӡырԥха, изыхҟьо сзеилымкааӡеит. Аԥхьа асезон ианалагоз зегьы имаҷуп рҳәон (аԥсшьаҩцәа – аред.), ԥхынгәы, нанҳәа рзы иаҳа рхыԥхьаӡара ианацла, ҳара ҳҟынгьы иааит. Кындыӷ ҳаҷкәынцәа аус руеит, уахь ицақәогьы ҟалеит. Уахь иаҳа изгәаԥхо ыҟазаргьы ауеит. Егьыс рҽыхәшәтәны ицоит, ахҳәаақәа рышәҟәаҟны ианырҵоит иахьырзеиӷьхаз. Амедицина аганахьала абҩа хьаа, аџьыкахыш, агәыхь иадҳәалоу ачымазарақәа уҳәа рыхәшәтәразы иаҳҭаауеит. Акомплекс иаҳа иҳарҭбаартә аҭагылазаашьа ҳамам, аӡы ҳацәмаҷуп, акылҳара арыцқьара, аӡымҩангагақәа рыԥсахра уадаҩхоит. Ус анцәа иҳаиҭаз ала аус ҳуеит, ҳацәгьаӡам, ауаа ирыхәоит, рҽыхәшәтәны ицоит", - иҳәеит Аҩӡба.

Иаҳа инарҭбаау аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0