Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гогәуа: Аԥсны адунеи атәылақәа рҿы аӡыргаразы аусура аҭахуп- иааԥмырҟьаӡакәа

© Foto / Сырма АшәԥҳаСонер Гогәа
Сонер Гогәа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Венесеула Аԥсны Ахыԥшымра аназханаҵа амш, насгьы анаҩс аҩҳәынҭқаррак рыбжьара иҟаз аусеицура атәы.
Гогәуа: Аԥсны адунеи атәылақәа рҿы аӡыргаразы аусура аҭахуп иааԥмырҟьаӡакәа

Цәыббра 10, 2009 шықәсазы Венесуела официалла Аҧсны ахьыҧшымра азханаҵеит. 

"Ҳара даара ҳаигәырӷьеит Венесуелатәи аҳәынҭқарра Аԥсны Ахьаԥшымра анрыдыркылаз, уи ашьҭахь дара иҳарҭоз ацхыраареи Урыстәыла имҩаԥнагоз аусуреи иалҵшәаны, ҳтәыла азхаҵара аус бзианы ицап ҳәа ҳгәыӷуан. Уи ашьҭахь, Аԥснытәи аделегациа Аргентина, Перу, Боливиа, Еквадор, Уругваи, Чили абарҭ атәылақәа зегьы рҿы ҩымз инарзынаԥшуа ицон аусурақәа. Усҟан ҳара дара рҟынӡа инаҳгеит Латинтәи Америкеи ҳареи ҳабжьара иаҳҭаху аусқәа зегьы. Уи аамҭазы ҳара иҳахәеит Венесуелеи Урыстәылеи иҳарҭаз ацхыраара, рхыԥша, аха аусура есқьынагьы иаҭахуп, иааԥмырҟьаӡакәа. Аԥсны азы ҭоурыхуп Сергеи Багаԥшь Венесуелаҟа ицара. Аԥснытәи ахәынҭқарра џьаргьы ирыдрымкылацызт абас еиԥш. Адәныҟатәи аусқәа еснагь имҩаԥгалатәуп, зны уцеит уааит ҳәа иҟалаӡом. Ас еиԥш аусурақәа иахьагьы иаҭахуп Европа, егьырҭ Арабтәи аҳәынҭқарракәа рҿы. Избанзар, уи баша ирыдыркылеит ҳхақәиҭреи ҳхьыԥшымреи акәзам, дара рыла адунеи иабоит аԥсуаа иаҳҭаху, егьырҭ амилаҭқәа реиԥш адунеи аҿы хазы иҟоу ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳаҟазаара", - ҳәа азгәеиҭеит Гогәуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0