Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит аукцион "Анапқәа рыԥхара" атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукМактина Джинджолия
Мактина Джинджолия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббрамза 20, асааҭ 19:00 Аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаԥысуеит агәыҳалалратә аукцион "Анапқәа рыԥхара", абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит агәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит аукцион "Анапкқәа рыԥхарра" атәы

"Аукцион мҩаԥылгоит аканџьақәа знапала иаԥызҵо Асида Ахәԥҳа. Апроект азы лнапала иҟалҵеит акьанџьақәа хәба: рышәҵатәы еиқәдыршәеит Аԥсны еицырдыруа адизаинерцәа, ирӡахит рколлециақәа рҟынтәи иҷыдоу амаҭәақәа. Акьанџьақәа рыхә 10 нызықь мааҭ рыла иалагоит, аукцион ахь ааԥхьара зауз зегьы ирымоуп алшара дара раахәара. Аукцион азы аинформациа зегьы ҳара ҳсоциалтә даҟьақәа рҿы ианаҳҵеит, акьанџьақәа рфосахьақәагьы уа иҟоуп, доусы имоуп алшара урҭ ралԥшааразы. Уи адагьы, аукцион аҿы иӡыргахоит - адизаинерцәа иҳарҭаз аҵыкқәа ԥшьба. Аҭыпҳацәа аукцион ахәаақәа ирҭагӡаны урҭ иаархәартә еиԥш алшара роуеит, убри алагьы дара Мирослава Колбаиа ацхыраара лырҭоит", – ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0