Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қапԥҳа: Аҟәа ахаҿра еиқәдырхеит Алоизи иеиԥш Аԥсныҟа иаауаз амалуаа

© Sputnik / Томас ТхайцукАрифа Қапԥҳа
Арифа Қапԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амеценат Иоаким Алоизи диижьҭеи сынтәа 165 шықәса ҵуеит. Иара иҭоурых, насгьы ҳтәылазы иаанижьыз ашьҭа атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ажурналист Арифа Қапԥҳа.
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Қапԥҳа Алоизи изкны

"Иоаким Алоизи агәыҳалалрагьы инапы алакын. Усҟан Аҟәа иргылеит аҩны змамыз ауаа рзы, уахынла инеины ишьҭалартә еиԥш, акрырфартә еиԥш аргылара. Иара иргылаз иҩны "вилла Алоизи" ҳәа изышьҭоу ааха ду еиҳарак иаиуит Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьраан, анаҩс акыр шықәса хылаԥшрада иахьгылаз иахҟьаны зынӡа еилаҳауа иалагеит. Шьаҭанкыла иаҳцәыӡаанӡа аӡәы иааихәеит, уажәы уа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит. Ақалақь ахаҿра еиқәдырхеит Алоизи иеиԥш Аԥсныҟа иаауаз амалуаа. Дара ирбахьаз рацәан, ргьама бзиан, рдырра ҳаракын, еснагь аргыларақәа рзы инагаз архитекторцәа аарыԥхьон. Уи ауп иахьа изҳамоу ҳазлаҽхәо Аҟәатәи амодерн ҳәа изышьҭоу астиль. Убри ҳмырӡроуп, мап анакәха, Аҟәа аҭоурыхтә ҳаҿра ацәыӡуеит, нас ҳхаҿра узымдыруа иҟалоит", - ҳәа азгәалҭеит Қапԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0