Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аӡынба: сынтәатәи ажь ахаҭабзиара ҳаракуп, аҽаҩрагьы беиоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИура Аӡынба
Иура Аӡынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәымсҭа аӡахәаазарҭа иахылаԥшуа Иура Аӡынба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ажь сынтәатәи аҽаҩра атәы.
Аӡынба: сынтәатәи ажь ахаҭабзиара ҳаракуп, аҽаҩрагьы беиоуп

"Аҽаҩра макьаназы ҳахьынӡааиуа ҳацәгьам ҳҳәар ҳалшоит. Абжеиҳара ҿаҳххьеит. 50 гектар ахьҳамоу ҳазыԥшуп 500 тонна ажь рзы акгьы агымкәа иҟалап ҳәа. Ҵыԥхгьы ус ауп, маҷк иааиҳаума уҳәо иҟан, аха ҵыԥхи сынтәеи еидукылозар, сынтәатәи ажь ахаҭабзиара даара ибзиоуп, даара иҳаракуп. Аҩы бзиа алҵраны иҟоуп. Иахьатәы аамҭазы ажь иаҭахуп ахәшәтәра, уи адагьы аӡахәы аиқәырхара цәгьоуп. Сынтәа ажь аизгара ҳалагеит нанҳәамзазы, цәыббрамза анҵәамҭазы зегьы ҭагаланы ҳалгап ҳәа агәаанагара ҳамоуп. Кьылак аҟнытә бжьарала 65% рҟынӡа аалыҵ алҵуеит ҳәа ҳазыԥшуп", - ҳәа азгәеиҭеит Аӡынба.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0