Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагба Аԥсны Арбџьармчқәа рырҿыцразы: Уаԥстәылатәи ахҭысқәа ирыдҳәалатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Хагба
Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитолог Беслан Ҳагба Аԥсны Арбџьармчқәа рмодернизациа аԥаразоужьразы Урыстәыла ахада иҟаиҵаз адҵа ахҳәаа азыҟаиҵеит.
Ҳагба Аԥсны Арбџьармчқәа рырҿыцразы аиқәшаҳаҭразы: Уаԥстәыла иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәалатәуп

Урыстәыла ахада Владимир Путин адҵа ҟаиҵеит Аԥсны Арбџьармчқәа рырҿыцразы аԥаразоужьра амҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩызарц.

"Уаԥстәыла иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәалатәуп ҳәа агәанагара сымоуп, Владимир Путин ииҳәаз Аԥсны арратә мҷқәа реиҭакрақәа, арҿыцра. Иахьа аԥсуа ар еиҿкааны иҳамоу Асовет Еидгыла иахаану ауп, убри аҟнытә иахьатәи аамҭа иақәшәо техникала еиқәыршәаразы ахарџьқәа рацәаны иаҭахуп. Еилкаауп, Аԥсны уи шалымшо. Урыстәылеи ҳареи иҳабжьоуп аиқәшаҳаҭра дуӡӡа астратегиазы. Убри инақәыршәаны еиҿкаауп еидкыланы иҟоу арратә гәыԥ, убри аганахьала уахәаԥшуазар аарратә мчқәа рыҩаӡара ҳаракны Аԥсны иҟазароуп. Иара Уаԥстәыла иҟалаз аичарчаратә формақәа змоу Қырҭтәылатәи аполитика уигьы иахәаԥшзар ҟалап. Еиҭа аҳәаанырцәынтәи Қырҭтәыла акәша-мыкәша иҟоугьы иахьа-уажәраанӡагьы гәыӷрақәак рымоуп Аԥсны аганахьала Урыстәыла иҟарҵаз азхаҵара, ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа џьара хьаҵрак роуазар ҳәа. Ари аԥсахра, Аԥсны арратә мҷқәа реиҭакрақәа, рырҿыцра, даҽа знык ишьақәнарӷәӷәоит абри аганахьала даҽа хьаҵрак шыҟамло", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0