Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷанба ахортә капелла Москватәи аконсерваториаҿы рықәгыларазы: азҿлымҳара ду ҳамоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукНодар Ҷанба
Нодар Ҷанба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи Ахортә капелла цәыббрамза 25 рзы иқәгылараны иҟоуп Москватәи аконсерваториаҿы, Тевлин ихьӡ зху Жәларбжьаратәи ҭагалантәи афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ари ахҭыс аҵак ду амоуп иҳәеит акапелла анапхгаҩы Нодар Ҷанба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Ҷанба ахортә капелла Москватәи аконсерваториаҿы ақәгыларазы: азҿлымҳара ду ҳамоуп

"Даара ипрестижтәу фестивальуп. Есышықәса иара иалахәуп Урыстәыла иреиӷьӡоу ахорқәа. Ҳара сынтәа раԥхьаӡа акәны ҳалахәуп, ари хҭыс дуӡӡоуп. Ҳара ҳзы даараӡа акыр аҵанакуеит. Избанзар, акапелла шьақәгылеижьҭеи еиуеиԥшым аконцертә залқәа рҿы иқәгылахьеит, аха ари еиԥш Урыстәыла иреиӷьӡоу азалқәа рҿы иқәымгылацызт. Даара азҿлымҳара бзиа аадырԥшуеит аԥсуа капеллахь. Избанзар ҳара иҳацықәгылоит даҽа х-хорк, аха дара зегьы 10-15 минуҭ еиҳаны иқәгылаӡом. Ҳара иаҳзаԥҵәоуп 45 минуҭ. Агәра згоит ҳақәгылара бзиахап ҳәа", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷанба. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0