Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амҷба Гена Карданов игәыԥ аҭахаразы: ааха ӷәӷәахеит аԥсуа арбџьарымчқәа рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Амичба
Рауль Амичба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абаталион "Шьараҭын" аштаб аиҳабы, Леон иорден занашьоу Рауль Амҷба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәа ахақәиҭра амш аҽны Гәымсҭа иаадыртыз агәалашәаратә ӷәы аҟны зыхьӡ анылаз афырхацәа ртәы.
Афырхацәа рымҩала: Амҷба иҭахаз аҟабарда еибашьцәа рыхьӡала амемориалтә ӷәы аартра атәы

Аԥсны Ҟабардантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыхьӡала Гәымсҭа ацҳаҟны агәалашәаратә ӷәы аадыртит иахьа Аҟәа ахақәиҭҭәра амш инақәыршәаны. Уи аҟны иануп хатәгәаԥхарала Аԥсны  еибашьуаз, 1993 шықәса хәажәкырамза инаркны мшаԥымзанӡа имҩаԥысуаз арратә операциақәа раан иҭахаз жәеизаҩык рыхьӡқәа.

"Абаталион "Шьараҭын" аиҿкаараан иалан уаашәҩык инарзынаԥшуа Ҟабардаа рыҷкәынцәа. Дара адгылара ӷәӷәа ҳарҭеит, хгәы шьҭырхит, ахаҵара злаз ракәын, реибашьышьа ҿарԥшыган. Ҵыԥх Гәымсҭа ацҳа иахьаҵанакуа иаартын март 15-16 рзы Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылараан иҭахаз арԥарцәа ргәалашәаразы амемориал. Уи аҟны ианын аԥсуааи аҟабарда еибашьцәеи рыхьӡқәа. Иахьатәи амемориал ззаҳкыз "Шьараҭын" иалахәыз, алегендатә еибашьҩы, Аԥсны Афырхаҵа Гена Карданов игәыԥ иалаз Задин Торчоков, Анзор Шогенов, Камбулат Занилов, Роберт Лихов, Руслан Жилетежев роуп. Урҭ иҵегьы аибашьцәа рыцын даҽа баталионк аҟынтә. Арҭ афҩыкгьы ҳбаталион иалан. Лада Ешыра  ахырӷәӷәарҭаҟны аӷацәа   ирыларыжьыз аԥжәага  аҟынтә 11-ҩык  ҭархан мшаԥы 13, 1993 шықәсазы. Жәаҳәарада, уи ааха ӷәӷәан ҳарбџьарымчқәа рзы", -ҳәа азгәеиҭеит Амҷба.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0