Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гиульџьан Алҭан: аԥсуа ашәақәа адунеи аҟны ираҳаны, ҿырҳәала ишырҳәо азы ҭоуба зуит

© Sputnik / Сария КварацхелияГюрджан Алтан
Гюрджан Алтан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Ҭырқәтәыла инхо ашапсыӷ шәаҳәаҩы Гиульџьан Алҭан арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит лырҿиаратә мҩа анылылхоз хыдҵас лҿаԥхьа иқәлыргылаз атәы. Аиҿцәажәара аԥсшәахь астудиаҟны еиҭеигон ауааажәларратә усзуҩ Октаи Чкотуа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гиульџьан Алҭан лҟазара иазкны

"Сҭампыл акультурақәа рацәаны иахьыҟоу қалақь дууп. Аиаша шәҭахызар, урҭ рыбжьара адыгаа, аԥсуаа, Кавказ акультура зегь раасҭа илахҿыху, иалукааша культуроуп, ԥсҭазаароуп. Ҳара зыԥсадгьыл иаҟәыганы адунеи мчыла иалырԥсаз жәларык ҳауп. Ҳкультура, ҳмилаҭтә ҟазшьа, ҳлеишәа даара бзиа избоит, ҳаҭыр ақәысҵоит, сахӡыӡаауеит. Сыԥсҭазааратә мҩа аҟазара иадҳәаланы ианалсхуаз, зегь раԥхьа исыргылозгьы ҳмилаҭҭә культура аӡыргара, ацхыраара аҭара, егьырҭ амилаҭқәа рҟынӡа анагара  ауп. Сара иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ԥшьба срылгахьеит, аҵыхәтәаны сзылгаз аконсерваториа ауп, уи анаҩс адиссертациа сыхьчеит. Ҳбызшәала адунеи еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҟны, еиуеиԥшым амилаҭқәа рбызшәала ашәақәа насыгӡоит. Адыга, аԥсуа бызшәақәа рыла ашәақәа рынагӡара саналага нахыс, убас еиԥш ацәанырра соуит адунеи зегь аҟны ираҳароуп, ирдырроуп ҳәа. Иара убасҟан ҭоуба зуит адунеи ажәларқәа зегьы ҳбызшәала ашәақәа дырҳаны,  ҿырҳәала ирҳәо иҟасҵоит ҳәа. Ааигәа Куба сыҟан, Франциа, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны аума, сахьнеиуазаалак, раԥхьа ҳара ҳашәақәа сҳәоит, убри алагьы ихсыркәшоит сықәгыларақәа. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада идикылаз аусԥҟала Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа сахьырԥхьаӡаз, аҭакԥхықәра ду сыднаҵоит, иара уи алагьы схаҿра снапаҟны иаазгазшәа сгәы иабоит, даҽазнык сиизшәа схы сыԥхьаӡоит", - лҳәеит Гиульџьан Алтан.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәыдаагалоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0