Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа еиҭеиҳәеит аҩнытә ԥстәқәа рыхьчаразы алаҵақәа шхымԥадатәиу

© Sputnik / Томас ТхайцукРоман Џьапуа
Роман Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арахә ишәарҭоу ачымазарақәа рацәыхьчаразы шықәсык ахь ҩынтә алаҵақәа рымҩаԥгара аҭахуп ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аҟны Аԥсны аветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьапуа.

 

Џьапуа еиҭеиҳәеит аҩнытә ԥстәқәа рыхьчаразы алаҵақәа шхымԥадатәиу

"Алаҵақәа ашьамаҟеи аԥсасеи иара убас аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рзы иҟоуп. Раԥхьа иргыланы ишәарҭоу ҳәа иалаҳкаауа ауаагьы аԥстәқәагьы ирзеиԥшу ааԥкра чымазароуп. Уи амҽхак амоуп Аԥсны. Иара убас аиҳабыра рҟынтә ҳнапы иануп абгақәа, ақәыџьмақәа рнырҵәара аус хылаԥшра аҭара. Аҩнытә ԥстәқәа рааԥкра џьара аҭыԥ амазар, акәша-мыкәша алаҵа ҟаҳҵоит.

 

Анхаҩы ирахә агыгшәыг ацрасзар, иааԥкыр алшоит еиуеиԥшым аҿҳәарақәа ирҭагӡаны. Иҟалоит ачымазара ҩымчыбжьа-хымчыбжьа рыла ахы аанарԥшыр, иҟалоит мызки бжаки, шықәсык ианцогьы.

Алаҵақәа иаҳа игәцаракны ирымоуп Аҟәа ақалақь аҟны, араионқәа рганахьала иаҳа аус еиҿкааны имҩаԥыргоит Очамчыра",- иҳәеит Џьапуа.

Иара иазгәеиҭеит арахә, алақәа, ацыгәқәа рзы иҟарҵо алаҵақәа рганахьала еиҵахара шыҟам. Ашьамаҟа аԥсаса еиуеиԥшым ачымазарақәа рацәыхьчаразы шықәсык ахь ҩынтә алаҵа аҟаҵара ахәҭоуп ааԥыни ҭагалани ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабы.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбааны анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0