Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сангәлиа Анхәатәи археологиатә ԥшаарақәа рзы: имҩаԥаагахьоу аҭҵаарақәа хадырҭәаауеит

© SputnikГарри Сангәлиа
Гарри Сангәлиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоута араион Анхәа ақыҭан Гьаргь Аԥсыцқьа иуахәама ахьгылаз аҭыԥ аҟны археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥысуеит. Аекспедициа иалахәу Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аусзуҩ еиҳабы Гарри Сангәлиа аԥшаарақәа шцо, иззыԥшу атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.

 

Сангәлиа Анхәатәи ажрақәа рзы: имҩаԥаҳгахьоу аҭҵаарақәа хадырҭәаауеит

"Ихыжәжәарахеит зынӡа, метрак еиҳамкәа инхеит, аргылара еилабгахьеит, амала иубаратәы иҟоуп Анаҟәаԥиа ишадҳәалоу. Хыхь иқәгылоу абаа ду унапаҿы иқәгылоушәа иубарҭоуп. Аҭыԥ машәыршәа иалрымхӡеит ауахәама андыргылоз. Иҭаҳҵаауеит аргылараан усҟан рхы иадырхәоз, ахаҳә шырцәоз, ишеиқәырҵоз, ашьыхра ибжьаз, абҷыс иамаз, анҵыра, џьара акахьы икылганы ашьақәыргылара ауама, аргылара хкыс изҵазкуа уҳәа.

Аргылара убриаҟара ихыжәжәарахеит, шьҭа археологиатә баҟахеит, анышәи иареи акгьы рыбжьам еиҟарахарц. Иахьатәи иҽеим аҭагылазаашьа иаалганы аҭҵаарадырразы лҵшәа бзиак ҟаландаз ҳәа агәыӷра ҳамоуп, егьырҭ аҭыԥқәа рҟны имҩаԥаҳгахьаз аҭҵаарақәа ханарҭәаап ҳәа ҳахәаԥшуеит. Аҩыра аҭоурых зегьы аныԥшӡом, уигьы цыԥҵәахақәак роуп иҟоу, аимак-аиҿакгьы анацу ыҟоуп. Инарҭбааны ҳҭоурых жәытә узырбо археологиоуп", - иҳәеит Сангәлиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбааны анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0