Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭарԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәа араион абиуџьет шышьақәгылоу атәы

Мадина Ҭарԥҳа
Мадина Ҭарԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа араион ҳазҭоу ашықәс азы абиуџьет шышьақәгылаз, насгьы иааиуа ашықәс азы уи шьақәыргылоума, иара убас уи ззырхахо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәа араион ахадара афинанстә ҟәша аиҳабы Мадина Ҭарԥҳа.
Ҭарԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәа араион абиуџьет шышьақәгылоу атәы

"Ҳазҭоу ашықәс жәамз ирылагӡаны абиуџьет ахашәалатә хәҭа 130 процент рҟынӡа инагӡоуп, уи 81 миллион инацны иартәоит. Адотациа ҳасабала ареспубликатә биуџьет аҟынтәи быжь-миллионк рҟынӡа иҳауеит. Иаҳзоужьыз аԥара аҟынтәи иааизакны 90 миллион мааҭ наҳхит. 40 миллион мааҭ абиуџьеттә усзуҩцәа руалафахәы ҳшәеит. 25 миллион мааҭ ныхын аӡымҩангагақәа, амҩақәа реиҭашьақәыргыларазы, ашколқәа рҟны ахышәқәа рыԥсахраан. Ақыҭанхамҩа ацхрааразы х-миллион мааҭк азоужьын. Акультура, аспорт, аҵарадырра, агәабзиарахьчареи рзы иныхын 18 миллион мааҭ.

2020 шықәсазы Аҟәа араион абиуџьет шьақәҳаргылахьеит, уи 133 миллион мааҭ артәоит. Ахашәалахәы 90 миллион мааҭ инацны иалҵуеит, уи ашықәс азы адефицит хәҭа 20 миллион мааҭ артәоит. Уи хаҳарҭәаап ҳәа ауп сынтәа ҳбиуџьет аҟны иарбаз аасҭа иҳауз ахашәала иабзоураны. Уи алыршахеит араион аҟны аус зуа 130 инареиҳаны анаплакқәа рыла. Дара рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп ЗҲәА "Апсны Дьюти", аҳәынҭқарратә еилахәра "Абхазтоп", ЗҲәА "Ресурс-Юг", уҳәа егьырҭгьы", - лҳәеит Ҭарԥҳа.

Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0