Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭаркьыл: сынтәа арра-спорттә хәмарра лҵшәа бзиала имҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Ҭаркьыл
Аслан Ҭаркьыл  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Арккара аминистрра абаҩрҵәыреи аспорти рыҟәша аиҳабы Аслан Ҭаркьыл арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит арра-спорттә хәмарра "Аиааира" алҵшәақәа ртәы.

Ихыркәшоуп Аԥсны Атәылахьчара аминистрра артиллериатә полк иатәу Аладатәи Ешыра ахысырҭаҿы жьҭаара 29 инаркны абҵара 2-нӡа ицоз ашколхәыҷкәа ХV рреспубликатә арра-спорттә хәмарра "Аиааира". Аицлабрақәа мҩаԥнагон Аԥсны Арккара аминистрра, Атәылахьчара аминистрра адгыларала.

Сынтәа аицлабра иалахәын Аԥсны араионқәа рҟнытә аа-командак, иааизакны 80-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа.

Ҭаркьыл: сынтәа арра-спорттә хәмарра лҵшәа бзиала имҩаԥысит

"Ахәмаррақәа ирылахәыз азеиԥштә программа ахкқәа 11 рыла рылшарақәа аадырԥшит. Арҭ аицлабрақәа иаҳдырбеит араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҟны ари аус знапы ианыз рус ҭакԥхықәрала ишазнеиз. Ашколхәыҷқәа азыҟаҵара бзиа рыман. Дара доусы рраионқәа рҟны имҩаԥыргаз аицлабрақәа рыла ишьақәырӷәӷәан еизгоу акомандақәа. Иалыскаар сҭахуп Гагра араион. Аицлабра ҳалагеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира ашьҭахьҵәҟьа, иара усгьы иагьахьӡаҳтәит. Гагра араион акоманда ахы инаркны иахьанӡа есышықәса иааныркылоит аԥхьахәтә ҭыԥқәа. Рхы бзианы иаадырԥшуеит аҟәаагьы. Ӡбаҩык иаҳасабала иазгәасҭоит сынтәа ахәмарра лҵшәа бзиала имҩаԥысит ҳәа", - азгәеиҭеит Ҭаркьыл.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0