Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Жорданиа РУСДРАМ агастрольқәа рзы: иҳалшоз зегьы дырбаны, ҳгәы рҭынчны ҳхынҳәит

© Sputnik / Томас ТхайцукЏьамбул Жорданиа
Џьамбул Жорданиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агастрольқәа ирыцу аџьабааи агәыхыҭхыҭреи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа.
Жорданиа РУСДРАМ агастрольқәа рзы: иҳалшоз зегьы дырбаны, ҳгәы рҭынчны ҳхынҳәит

"Ҳара еснагь ҩнуҵҟала иаҳгәамԥхо ыҟазар, уи аус шадаҳулаша ҳәа ҳаицәажәоит, ҳус даара критикала ҳазнеиуеит. Бзиарас иҳамоугьы, атеатр аҿы аус зуа зегьы ҳнапы еибаркны, ҳаицхырааны аӡәи-аӡәи ҳаихаҵгылоит. Ҳгәы иалоу акгьы ыҟамкәа аҩныҟа ҳхынҳәит, ҳгәы рҭынчны. Амҩа ҳаркареит, жәамш рыла быжь-спектакльк дҳарбеит, даара уаркароит ақәыргыламҭа аргылара, арбгара. Ҳәарада, ҳгәы иаахәеит ҳахә ҳаракны иахьыршьаз, уи Аԥсны ахьӡ азоуп", - ҳәа иҳәеит Жорданиа.

Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аспектакльқәа хԥа "Ҳаџьы-Мураҭ", "Визит старой дамы", "Сказка о том, как волк Абга стал рыбаком" ақалақьқәа Сыктывкар, Киров, Москва ахәаԥшцәа иддырбеит. Атеатр арҭ ақәыргыламҭақәа ддырбоит "Агастроль дуқәа" рҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәыла Акультура аминистрра ацхыраарала.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0