"Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны 2019 шықәсазы иаахәан 62 цыра автобусқәа. Урҭ ирықәхарџьын 162 миллион мааҭ. Автобусқәа 33 ақалақьқәа рзы, 15 - ашколхәыҷқәа рзы, 14 – ақыҭақәа рзы. Атранспорт Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рахь идәықәҵан. Уажәы автобусқәа даҽа 14 цыра аагоуп, урҭ ирықәхарџьын 31 миллион мааҭ. Урҭ рахьынтә 9 – ашколқәа рахь ишьҭхо автобусқәа, 4 - ақыҭақәа рзы, 1 – ақалақьбжьаратә Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азы.
Ақалақьқәеи араионқәеи иҟарҵаз аҳәарала автобусқәа рзеихшахоит Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны. Автотранспорт ала еиқәшәоуп шьҭа ҳәа ҳазҳәом, аха хәыҷы-хәыҷла, шьаҿа-шьаҿала иҳаԥсахуеит ибжьысыз, акрызхыҵуа автобусқәа аҿыцқәа рыла. 2019 шықәсазы автотранспорт ала аиқәыршәаразы аинвестициатә программа хыркәшоуп, 2020-2021 шықәсқәа рзы апрограммаҟны иадырбозар ахәҭуп аиҳабыра реилатәараҟны. Иҳауз автобусқәа хышықәса рҟынӡа аҿҳәара рымоуп ишахәҭоу ахархәара анроу реиҭашьақәыргылара шаҭахым азы агарантиа", - иҳәеит Габлиа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.