Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷантуриаԥҳа афонд "Азҳара" иҟанаҵо ацхырааразы: ишнырхуа гәаҭатәзар ҟалап аԥхьаҟа

© SputnikИрма Ҷантуриаԥҳа
Ирма Ҷантуриаԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адемографиатә фонд "Азҳара" аҳасабеилыргаҩ хада Ирма Ҷантуриаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иарбан шәҟәқәоу инарго рфонд иадҵаало, аԥара шырзыршәо.

Аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны ахԥатәии, уи инаҩс ииуа ахәыҷқәеи афонд "Азҳара" аҟынтәи 100 нызқь мааҭ ацхыраагӡа рзыршәоит.

Хра злоу ахҭысқәа: Ҷантуриаԥҳа афонд "Азҳара" аусура иазкны

"Аԥара аизгара ауп уадаҩрас иҟоу. Ус иҳадаҳкыло ауаа ҳаргәаҟӡом, ақьаадқәа иахәҭоу рыҵаҳҳәоит. Арзаҳал ада, ани аби ртәылауаҩшәҟәқәа ыҟазароуп, ахәыҷқәа аҭаацәараҟны иҟоу зегьы рииразы аршаҳаҭгақәа аҭахуп, урҭ рыхҩылаақәа аҭыԥ аҟны иҟаҳҵоит, аҭаацәара реилазааразы аилыркаа аҭахуп иахьынхо аҭыԥ аҟынтәи, уи ада иахьырзыманшәалоу Аԥсынтәыла абанк аҟны ахыԥхьаӡаларҭа аадыртуеит. Ҳара ауаа рнапаҟны ираҳҭаӡом 100 нызқь мааҭ аԥара, абанк ахь инаҳашьҭуеит. Аҭаацәа ироуа аԥара шнырхуа гәаҳҭаӡом. Сгәаанагарала, уигьы аҭаххар ҟалоит наҟ-наҟ", - лҳәеит Ҷантуриаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0