Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габуниаԥҳа Ҭхьынатәи ашкол 100-шықәса ахыҵразы: аҵарадыррахь раԥхьатәи шьаҿан

© Foto / предоставлено Габуния ЛарисойГабуния Лариса
Габуния Лариса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ноиабр 30 рзы 100 шыкәса ахыҵуеит Никуала Воуба ихьӡ зху Ҭхьынатәи абжьаратә школ. Ари арыцхә азгәаҭахоит ҿыц иргылоу ахыбраҿы. Ашкол раԥхьатәи ахыбра аартра шыҟалаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ашкол аиҳабы Лариса Габуниаԥҳа.
Габуниаԥҳа Ҭхьынатәи ашкол 100-шықәса ахыҵразы: аҵарауиразы раԥхьатәи шьаҿан

"Аҵараиуразы раԥхьатәи ашьаҿақәа рыҟаҵара хықәкыс иаман ашкол аартра. Аҵара иахьалагаз хатәы хыбран, Ҷыҷын Ӡаԥшьба ҳәа иҟаз иҩнаҭаҿы акәын. Ҳәарас иаҭахузеи, асеиԥш иҟаз аҩнараҿы раԥхьа ашкол иҭалаз аҭыԥ рызхазар, нас ашкол ахыбра ҭшәахо иалагеит, избанзар, ажәлар еилыркаауа иалагеит аҵара зыԥсаз, раԥхьаҟа аҵарадырра иахькылнагоз. Аҭыԥ аныҭшәаха, иахьа ашкол ахьыҟоу Зоурбақь Ӡаԥшьба иҩнахьы ииаргеит. Анаҩсан, еиҭа еизибамырхо ианалага, ақыҭа анхацәа рхатәы џьабаала ҩ-школк дыргылеит алагарҭатә классқәа ҳәа. Усҟан, џьарак 72-ҩык ахәыҷқәа аҵара рҵон, убас  ирацәан ахәыҷқәа", - ҳәа еиҭалҳәеит Габуниаԥҳа.      

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0