Абҵара 29 Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысуеит КВН апремиер-лига акы аабатәи ахәмарра. Уи иалахәхо акомандақәеи, аҿар рҟазареи атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит КВН апремиер-лига апродиусер Михаил Цкуа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11216-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8992-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 160-ҩык.
Александр Анқәаб аԥыза-министр ажьырныҳәа 8 раахыс акоронавирустә инфекциаҟынтәи иҽихәышәтәуеит Урыстәыла Афедералтә ҭҵаарадырра-клиникатә центр ФМБА аҟны.
85 шықәса раԥхьа, ажьырныҳәа 25 1938 шықәсазы диит асовет поет, актиор, ашәақәа равтор, ашәаҳәаҩ Владимир Высоцки. Иара изныкымкәа Аԥсны даҭаахьан. Sputnik ишәыднагалоит иара иԥсҭазаараҟынтәи иаагоу Аԥсны иадҳәалоу фактқәак.