Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гьерзмааԥҳа: асценаҟны кәашарала уцәажәозароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМаиа Гьерзмааԥҳа
Маиа Гьерзмааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартист Маиа Гьерзмааԥҳа лиирамш аҽны арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит лыкәашартә ҟазара ахы ахьыҵнахыз, асценаҟны ақәгылара лара лзы иаҵанакуаз.

Иахьа лиубилеи азгәалҭоит акәашаратә сцена аҳкәажә, Аԥсны Жәлар рартист Маиа Гьерзмааԥҳа.

Маиа Џьгәаҭ–иԥҳа 30 шықәса инацны Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә ансамбль аҟны акәашаҩ-ԥхьагылаҩ лакәын, адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟны лҟазара ҳаракы азы ахәаԥшцәа, аҳәынҭқаррақәа рхадацәа рнапы лзеинырҟьон.

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Маиа Гьерзмааԥҳа

"Сара ашәаҳәареи акәашареи срылиааит сҳәар сылшоит. Саб Џьгәаҭ Гьерзмаа иҭаацәараҿы Дәрыԥшь ақыҭан быжьҩык ахәыҷқәа иҳазҳауан. Саб абыргцәа рансамбль "Нарҭаа" далан. Аԥхьарца арҳәаны аҩны ҳиркәашон. Сшыхәыҷыз даара бзиа избон акәашара. Ҳҭаацәараҿы имкәашоз ҳәа аӡәгьы дыҟамызт. Убас иҟалеит аҭацацәагьы, амаҳәцәагьы, ҳҭаацәара иаднагалаз ашәа рҳәон. Ҳанеизалакгьы аҩны, Гьерзмаа Џьгәаҭ иҩны иахьа "Шьараҭынаа" ыҟоуп рҳәон.

Аҳәынҭқарратә ашәаҳәаратә-акәашаратә ансамбль ахь санрыдыркыла аҽны сныҟәаӡомызт, сԥыруан, адунеи зегьы сара истәын. Сара сзы асцена даҽа ԥсҭазаарак акәын", - лҳәеит Гьерзмааԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0