Џьениа"Ашықәсаз иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" иалкааразы аусумҭақәа ралԥшааразы: иҳаргьежьыз ыҟоуп
Сынтәа "Ашықәсаз иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" ҳәа ахьыӡ аԥсахаразы иқәгылоуп 45-ҩык асахьаҭыхыҩцәа. Акомиссиа иаднакылеит 73 усумҭа.
"Инаргоз аусумҭақәа зегьы абри ашықәс азы иаԥырҵаз ауп, уи зыҟаҳҵо асахьаҭыхыҩцәа аус днаруртә азоуп. Темала ҳәа акы иалкааны иҟаӡам, асахьаҭыхыҩ идунеихәаԥшышьа шыҟоу, иара изааигәоу, иаԥсоуп ҳәа ззиҳәо аусумҭа неигар алшон. Иҟоуп иҳадҳамкылазгьы, зынӡа иԥсыҽу ҳәа иаабаз. Ажәакала, акомиссиа иаԥсам ҳәа иалнакааз, ҳаргьежьит", - ҳәа азгәеиҭеит Џьениа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- "Ашықәсаз иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" ԥхынҷкәын 25 рзы далыркаауеит