Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Нанба Ленинград аблокадазы: Гитлер ихықәкы анагӡараҿы бҩаны ихәда икылахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗакан Нанба
Закан Нанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынтәылатә еибашьра Дуӡӡеи аџьеи рветеранцәа рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Закан Нанба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы аиааира агаразы Ленинград ақалақь аблокада ахыхра аҵакы атәы. Иахьа уи аԥыхижьҭеи 76 шықәса ҵит.

Ленинград аблокада цон цәыббрамза 8, 1941 шықәса инаркны ажьырныҳәа 27, 1944 шықәсанӡа.

Нанба Ленинград аблокадазы: Гитлер ихықәкы анагӡараҿы бҩаны ихәда икылахеит

"Гитлер планс имаз Асовет еидгыла аҩадатәи ахәҭаҿы иҟаз ааглыхратә зауадқәа инапаҵаҟа аагара. Идыруп, Ленинград аекономика аганахьала алагала ӷәӷәа шыҟанаҵоз, уи адагьы Норвегиантәи усҟан аҳәаа аатуан иара ишиҭахыз еиԥшҵәҟьа, нас асоветтә ар аусқәа цәгьахон аибашьраҿы, аха Ленинград аблокада бҩаны ихәда икылахеит, уаҳа изымгеит, хышықәса иҭакны иман, иргьы маҷмызт. Ҳара ҳар рымч зламаҷыз ала, фатәылагьы бџьарлагьы, зегь акоуп уажәы-уажә ддырхыцхыцуан", - ҳәа еиҭеиҳәеит Нанба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0