Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аӡынба: ашьапылампыл зауадым, иахҭнуҵаз аԥара гьежьӡом, аха еиҳау алагала ҟанаҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукШамиль Аӡынба
Шамиль Аӡынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампылтә клуб "Абазг" аԥҵаҩы Шамиль Аӡынба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы Аԥсны ашьапылампыл азы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ахҳәаа аиҭеит.

Аԥсны еизгоу ашьапылампылтә команда ConIFA-2020 иалахәхаӡом избанзар, уи имҩаԥнамгаз аиҩызаратә хәмаррақәа ирыхҟьаны иахәҭаз аочкоқәа еизнамгеит, абри атәы адырра ҟаиҵеит ConIFA ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Паӷәаа.

Хра злоу ахҭысқәа: Шамиль Аӡынба Аԥсны ашьапылампыл иазкны

"Иахьа ашьапылампыл, ма аҳәынҭқарра, ма аилазаарақәа ацхыраара рырымҭар изыҟалом. Уи ҟамлар закә ҳәынҭқарроу иҳаргыло? Ақәԥара иаҳа имариоуп, уа аӡәы дазыҟауҵоит, ара - жәларык. "Абазггьы" иахьыз убри ауп – ақалақь ацхыраара ҳарҭон, уи ала амаҭәа, ацара-аара, азыҟаҵаҩ иаҳҭоз аԥара уҳәа ахарџьқәа хнаҩон. Егьырахь ҳара ҳашьҭан, иҳаԥшаауан. Аха нас ақалақь ахадара мап ҳцәыркит, ҳаргьы иҳалымшеит ҳхатәы мчқәа рыла аусура, зынӡа ҳаангылеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аӡынба. 

Аԥсны еицырдыруа ашьапылампыл азҟазацәа зааӡаз адгьыл иахьа ашьапылампыл ахьыҟам ԥхашьароуп ҳәа иазгәеиҭеит иара. 

"Уи зегьы зхароу аҳәынҭқарра анапхгароуп, ус еиԥш иҟарымҵар акәын, ашьапылампыл ԥарала еиқәыршәазар акәын. Ари зауадым, фабрикам, иахҭнуҵаз ааԥара арахь игьежьны иааӡом, аха атәыла ахьыӡ арҳаразы, ахәыҷқәа реиҵаазараҿы еиԥш лагала ҟазҵо ыҟам. Уи иазымхәыцкәа аԥара ҳамаӡам ҳәа ашьапылампыл уагәҭасыр ҟалаӡом, ари астратегиатә гха дууп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аӡынба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0