Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниаԥҳа аҿари аспорти рзы аилак аусуразы: аҿар ридеиақәа нарыгӡар ахьрылшо ҭыԥуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЕсма Кәыҵниаԥҳа
Есма Кәыҵниаԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак аспециалист хада Есма Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит русбарҭаҟны рнапы злаку аус, аҿар дара рахь ишадҵаало, проектқәас ирыдыргалар рылшо.

Арадио Sputnik Аԥсны ихацнаркит арубрика ҿыц "Мышкы раионк аԥсҭазаараҟынтә". Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны есымчыбжьа Аԥсны араионқәа рыцыԥхьаӡа ҽнак-ҽнак рзалхны еилаҳкаалоит уа ақыҭанхамҩа, акультура, аҵарадырра, агәабзиара уҳәа аԥсҭазаара ахырхарҭақәа зегь рыла рнапы злаку аусқәа шцо.

Аҟәеи Аҟәа араиони ирымшны иазгәаҭоуп амҽыша.

Кәыҵниаԥҳа аҿари аспорти рзы аилак аусуразы: аҿар ридеиақәа нарыгӡар ахьрылшо ҭыԥуп

"Ари амчыбжь азы иҳамоу асоциалтә проблемақәа рыла анҵамҭақәа рҭыхразы апроект аусура иацаҳҵеит. Иҭаҳхит авидеонҵамҭа ҿыц. Уи зегьы ирбар рылшоит аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак асоциалтә даҟьақәа рҿы. Уажәазы аролик азкын аекологиа. Иара убас иҳәатәуп, аҿар ирымазар аидеиақәа, аус здырулар рҭаху апроект - зегьы ҳадаҳкылоит. Аиҿцәажәара ашьҭахь, ус еиԥш анҵамҭақәа еиҭа иҭаҳхыр ҳалшоит. Имаҷҩым аҿар иҳадҵаало, аха урҭ рхыԥхьаӡара еиҳагьы еиҳазар ҳҭахын. Ари асоциалтә нҵамҭа акәзар, аҿартә еилазаара "Авангард" захьӡу аԥшьгара иҭыхын. Анаҩсгьы ус еиԥш иҟаҳҵалоит, избанзар, апроблемақәа рацәоуп – амҩатә машәырқәа роума, анаркоманиа аума, еиҭаҳәатәу рацәоуп", - ҳәа азгәалҭеит Кәыҵниаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.


Ажәабжьқәа зегьы
0